Урыстәылатәи анаԥшыҩцәа Украина алхрақәа ирылахәхаӡом

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра акритика азнауит украинатәи амчрақәа Урыстәыла атәылауаа Украина имҩаԥысраны иҟоу алхрақәа рҟны наԥшыҩцәак раҳасабала аккредитациақәа рыҭара мап ахьацәнакыз.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 25 – Sputnik. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит Москва мап ацәнакыр шакәхаз анаԥшыҩцәа Украинатәи алхрақәа рахь рышьҭра, урҭ уа ашәарҭара иҭамгыларц азы. Абри атәы аанацҳауеит аусҳәарҭа асаит.

Украина Аԥсны атәылауаа хҩык рганахь ала асанкциақәа аланагалеит

Украина имҩаԥысраны иҟоу алхрақәа рҟны наԥшыҩцәас алхрақәа рхылаԥшразы Абиуро амиссиа иалахәхараны иҟаз 24-ҩык Урыстәыла атәылауаа аккредитациа рыҭара мап ацәыркит.

Асеиԥш ахымҩаԥгара ҵаҵӷәыс иамоуп азакәанԥҵараҿы ааигәа иаларгалаз ариашарақәа ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҿы.

"Киев ахымҩаԥгашьала даҽазныкгьы иаанарԥшит ахәыцра шацәмаҷу. Алхрақәа русхказы Копенгагентәи адокументи ОБСЕ егьырҭ адокументқәеи еилагоуп абри аӡбамҭала", - азгәаҭоуп аҳәамҭаҿы.

Аԥсны ААР Украина ҳтәылауаа ирзыҟанаҵаз асанкциақәа ахҳәаа рынаҭеит

Аминистрраҿы ишырҳәаз ала, украинатәи амчрақәа Урыстәыла иҟоу ртәылауаа рзы алхратә ҭыԥқәа раартра мап ахьацәыркызгьы, урҭ рконституциатә зинқәа реилагароуп иаанаго. Рзинқәа ԥкуп иара убасгьы Донбасс инхо миллионла ауаа.

Украина ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкыра 31 рзы. Ркандидатурақәа ықәгылоуп 39-ҩык.

Асоциалтә ҭҵаарақәа рылкаақәа инарықәыршәаны, аԥхьагылара лымоуп апартиа "Батькивщина" ахада Иулиа Тимошенко, иахьатәи атәыла ахада Пиотр Порошенко идгылаҩцәа рхыԥхьаӡара 20% инаӡоит.