Конор Макгрегор ММА-и UFC-и рҿы иқәгыларақәа хиркәшеит

Ирландиатәи аспортсмен еилаԥсоу ақәԥарала иқәгыларақәа шыхиркәшо атәы иҳәеит асоциаалтә ҳақәа рыла хәажәкыра 26, ашьыжь.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 26 - Sputnik. Еицырдыруа ирландиатәи ақәԥаҩ, ММА алахәыла Конор Макгрегор "тәанчара" дышцо атәы рылеиҳәеит ҳәа аанацҳауеит Комсомольская правда.

"Сара аҳәамҭа ҟасҵоит. Аспорт аҿы скариера ааныскылаарц сыӡбеит иахьатәи амш инаркны. Сҩызцәа зегьы рықәгыларақәа раан ақәҿиарақәа рзеиӷьасшьоит", - иҩуеит Twitter аҿы аирландуаҩ.

Макгрегор асеиԥштәи иӡбамҭа амзыз даламцәажәеит, аха ММА, UFC афанатцәа рзы иџьашьатәхеит.

Конор Макгрегор аҵыхәтәнтәи иқәгылараан диндаҭлон урыстәылатәи аспортсмен Хабиб Нурмагомедов. Аԥшьбатәи араунд аан дагьиҵахеит.

Уажәшьҭа ақәԥара-реванш Хабиб Нурмагомедов - Конор Макгрегор ҟамлозар акәхап.

Конор Макгрегор аамҭала дааныркылеит, нас хәдықәҵарыла доурышьҭит