Арадио

Кәарцхьиаԥҳа еиҭалҳәеит Аҟәа амшын аԥшаҳәаҟны иҟоу амратә сааҭқәа рҭоурых

Аҟәа амшын аҟәараҟны хаҳәла иқәҵаны иҟаҵоу амратә сааҭқәа рҭоурых арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит акорреспондент Сариа Кәарцхьиаԥҳа.
Sputnik
Кәарцхьиаԥҳа еиҭалҳәеит Аҟәа амшын аԥшаҳәаҟны иҟоу амратә сааҭқәа рҭоурых

"Аԥсшьарҭа МВО иахьаҵанакуа асааҭқәа ҟазҵо Владимир Пинчуков иоуп, офицар ԥхьатәа.  Жәохә шықәса раԥхьа иблақәа цеит, арра маҵзура аанаанижь, Аԥсныҟа нхара диасит. Уажәшьҭа жәохә шықәса ирықәуп аԥшаҳәаҟны днеины асааҭқәа ҟаиҵоижьҭеи. Ауаа исааҭкәа ирыхәаԥшны аамҭа еилыркаар рылшоит. Ила зынӡа иамбо акәӡам ишыҟоу, ишкәакәоу ахаҳә дуқәа еилиргоит. Ахаҳәқәа рыла асааҭ ахыцқәа алыидоит, агәҭаны лабас игылоу акалам ауп. Шьыжьнаҵы аҟәарахьы днеиуеит амра ангыло. Иԥҳәыс иалҳәоит асааҭ шаҟа ыҟоу, иара алаба иргылоит, уи агага ала ацәаҳәа алыидоит. Ес–сааҭ ацәаҳәа ҿыц алыидоит. Асааҭқәа лассы-ласс ҿыц аҟаҵара иқәшәоит, избанзар амш аныцәгьоу амшын иаӡәӡәоит", -  лҳәеит Кәарцхьиаԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.