Арадио

Кәарҷиа: араса зааӡо анхацәа аҵара дырҵатәуп

Анаплакы "Араса" аиҳабы Абесалом Кәарҷиа арадио Sputnik аефир аҟны иазгәеиҭеит араса уаанӡа иарҭоз ахылаԥшрала шьҭа аҽаҩра шузҭамгало, анхацәа адыррақәа шрыҭатәу.
Sputnik
Кәарҷиа: араса зааӡо анхацәа аҵара дырҵатәуп

"Абри апроблема (араса ачымазара-аред.) ацәқәырԥа ду еиԥш ауп ишаҳзааз. Хәыҷы-хәыҷла амч еизнагон, нас Аԥсны зегьы хнаҩеит, Очамчыра араион 92 процент иназынаԥшуа рҽаҩра рызҭамгалеит. Араса адәахьала уахьахәаԥшуа ибзиоуп, аха аҩныҵаҟа зегь бааны иҟоуп, аԥакәа чымазара иахҟьаны. Иахьа анхаҩы дазыҟаҵаӡам атехника, аметодологиа рганахьала. Ахәшә иуҭаргьы, уи ахархәашьа идыруазароуп. Иахьа ҳара ҳазқәылаз араса ааӡара амҩа акыр ихароуп, аха раԥхьатәи ашьаҿа иашамхар иаҳагьы ихарахоит. Ақыҭанхамҩа аминистррала сынтәа Краснодарынтә аспециалистцәа ааган, аицәажәара ыҟан, урҭ иаҳдырбаз ҳара ҳзы дырра дууп. Иҳаздырӡомызт ухы иаурхәо аӡы анализ шаҭахыз, ахәшә ишаҭаху аус амырур шалшо. Ара иахәҭоу маругалагьы еиқәшәам анхацәа, атрактор ахәшә ақәнаҭәоит, аха иахьзымнеиуагьы ыҟоуп. Зегь раԥхьа еилкаатәуп, анкьа иҟаз уажәшьҭа иҟалаӡом, аԥсабара аҽаԥсахит, араса иаԥырхагоу ачымазарақәа рацәоуп. Иахьа араса змоу анхаҩы аҵара ирҵатәуп, адырра иҭатәуп, мамзар анкьа ишыҟаз еиԥш ус дахылаԥшыр, алҵшәа аиуӡом", - иҳәеит Кәарҷиа.

Шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир.