Гындиа еиҭеиҳәеит ауаҩы амцабз "иԥҟар" шилшо
© Sputnik
"Раионцыԥхьаӡа имҩаԥаагоит апрофиклактикатә усмҩаԥгатәқәа, ауааԥсыра ҳрацәажәоит, ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҟны ҳнеиуеит. Аха амцакрақәа шыҟац иаанхоит. Абнаҿы амцакра аныҟала иара иахьынӡамаҿу ауаҩы ихалагьы уи арцәара илшоит. Амахәҭақәа аашьҭыхны амцабз "уԥҟар" ҟалоит, ус ҳара ҳхаҭагьы иҟаҳҵоит амашьына ахьзымнеиуа аҭыԥқәа рҿы. Амца амҽхак аҽамырҭбаарц лассы-лассы абылрақәа иахьыҟалоу адәҟәа рҿы иржуеит ажрақәа, аха ус еиԥш аҟаҵаразы ахарџь ду аҭахуп, араионқәа зегьы ирылшом, насгьы уи амцакра аҽацәыхьчара ҳасабала зны-зынла ихәарҭам усуп", - ҳәа азгәаиҭеит Гындиа.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.