Быҭәба аибашьцәа рхаҭара ашьақәыргыларазы: 25 шықәса рышьҭахь ҳгәаҟрақәа ҳзыхынҳәит
© Sputnik
"25 шықәса рышьҭахь иҳамаз агәаҟрақәа ҳзыхынҳәит, иаҳныруеит. Макьана ирацәаҩуп зыӡбахә ҳәам, иҭабуп абас еиԥш аусурақәа ахьымҩаԥысуа, аҷкәынцәа ргәараҭаҿы анышә иамардаратә еиԥш алшара ахьыҟоу. Хәҩык аишьцәа Ҵәыџьаа еибашьра ицеит, ԥшьҩык ԥақәашьтәи абаталион аҿы иҟан, аӡәы-Гәымсҭатәи ахырхарҭахь дақәшәеит. Рауль Ҵәыџьба ӷәӷәала дычмазаҩхеит, Ԥақәашь нас Тҟәарчал дрыхәшәтәуан, аха аԥсы аиқәырхаразы иаҭахын Гәдоуҭаҟа ииагара. Иара дызҭаз аверталиот каҳаит, иахьа уажәраанӡагьы иԥшаамызт ибаҩ", - иҳәеит Быҭәба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.