Корсаиаԥҳа: згәы цқьоу абиԥара ҟаларцаз - ишыхәыҷу аҟазара иадыԥхьалатәуп
© Sputnik
"Атеатр агәыбылра акра аус имариаӡам, уи азы ахарџь акәӡам иаҭаху агәазыҳәареи, аус аҵакы реилкаареи роуп. Ацәгьоуцәа ирҿагылан ақәԥара иаҳа иуадаҩуп, ахәыҷы дшыхәыҷу аҟазареи аспорти рахь ихы рханы иааӡара иақәурӡуа ахарџь аасҭа. Иахьа згәы цқьоу, изҩыдоу абиԥара ҳамазарц ҳҭахызар, ахарџь ҳамеигӡароуп урҭ шыхәыҷу, аҟазара радыԥхьаларазы. Ахақәиҭра зҳамоу еиҵаҳааӡоу абиԥара амч рыманы, рхы шьҭыхны ԥхьаҟа ицартә еиԥш аҟаҵара ауп. Ҳәарада, ахарџь аҭахуп, аха зегьы раԥхьа игылоу ахдырра ауп", - ҳәа азгәалҭеит Корсаиаԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.