Логәуа атеатртә ҟазара азы: абызшәа зыхьчо акакәны сахәаԥшуеит
© Sputnik
"Аҟазара ауаҩы дзааӡо, ахәыҷы дшьақәзыргыло усны сахәаԥшуеит, ибызшәагьы ахьчоит. Ҳара ишаҳҭаху атеатрқәа ирыдҳаԥхьало, ҳаиҭанеиааиуа алшара ҳамам. Еиҳарк ахәыҷқәа Аҟәаҟа раагара еиӷьуп ҳәа сгәы иаанагоит, избанзар, ҳтеатрқәа рыҩныҵҟа даҽа доуҳак ыҟоуп. Жәаҳарада, зегьы ҳзааӡаз ауп ари, исгәалашәоит адәаҟны инеины ианыхәмаруаз, уи сыбла ихгылоуп. Атеатр мчык сызҭаз акәны сахәаԥшуеит. Актиорцәа дуцәа иҳаларҵаз ашьа, ҳаҩныҵҟа иҳалоуп, уи наунагӡа иҳалоуп. Убас ахәыҷы ибалароуп, дазнархәыцлароуп, изымдырӡо акы дакуеит, убас иҟоуп аҟазара ахкқәа зегьы", - ҳәа азгәеиҭеит Логәуа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.