Арадио

Лашәриаԥҳа: ииашаӡам ани аби, ахәыҷы абаҩрҵәырахь умнеин ҳәа аниарҳәо

Б.У. Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи актәи абжьаратә школ абаҩрҵәыра арҵаҩы Марина Лашәриаԥҳа арадио Sputnik аҟны иазгәалҭеит аҭаалым ахәыҷқәа шеиднакыло, рхәыцра, ргәабзиара ишазеиӷьу.
Sputnik
Лашәриаԥҳа: ииашаӡам ани аби, ахәыҷы абаҩрҵәырахь умнеин ҳәа аниарҳәо

"Аурок аҟны аус рыдсымулакәа ус итәоу ахәыҷқәа ыҟаӡам. Иҟалалоит, абаҩрҵәыра аурок ахь сан умнеин ҳәа салҳәеит ҳәа ахәыҷы ианиҳәо. Дарбанзаалакгьы ан, аб, ргәы иалымсааит, аха ииашаӡам ахәыҷы убас аниарҳәо. Ахәыҷы мцашоурак, мамзар иҷыдоу чмазарак имаха-ишьахаҟны имазаргьы, иҟоуп уи иашьашәалоу аҭаалым. Ахәыҷы аҭаалым деиднакылоит, ихәыцра иазеиӷьуп. Ҳаамҭазы атехника ҳәа ак ҟалан, уи мацарала ахәыҷы дузааӡаӡом. Хԥа-ԥшьба сааҭ ахәыҷы дымҵысӡакәа атехника данадтәалоу, деиланакуеит. Ахәыҷы есҽны аҭаалым ҟаҵаны ашкол ахь днаушьҭлар, игәабзиара иазеиӷьымзар, иазеицәаӡам. Иахьатәи аҿар рыбаҩ рцәыхьанҭоуп, иахьа хәлаанӡа атехника иадтәалоуп, уанрацәажәогьы змаҳауа ыҟоуп", - лҳәеит Лашәриаԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.