"Сынтәа афестиваль аҟны иҳадаҳкылоит 30 ҳәынҭқарра рхаҭарнакцәа. Ҵыԥхтәи иаҿырԥшны уахаԥшуазар зхы алазырхәыр зҭахыз рхыԥхьаӡара иаҳа ирацәан, ԥшь-нызқьҩык рҟынӡа аҳәарақәа аарышьҭит. Урҭ рахьынтәи иалҳхит 30 киносахьа. Асасцәа ҳарзыԥшуп Европа аҳәынҭқаррақәа жәпакы рҟынтә, убасгьы Урыстәылантә. Ҵыԥх раԥхьаӡа имҩаԥгаз акинофестиваль азҿлымҳара ду аман. Атрадициа алаҳгалоит ҵыԥх афестиваль аҟны аиааира згаз сынтәа ажиури иалахәуп, аӡбаҩцәа рыбжьара дҟалоит аԥсуа режиссиор Ада Қәираиаԥҳа, убасгьы еицырдыруа акритик Маик Нафс. Аԥсны ахьӡала акинофестиваль ахь Џьано Ҵурҵумиа иусумҭа нагоуп, уи Миха Лакрба иновелла "Асас" ала иҭыхыз акиносахьа ауп", -хәа адырра ҟаиҵеит Цкәуа.
Мшаԥы 4 инаркны 8-нӡа Аҟәа имҩаԥысуеит Аҩбатәи Жәларбжьаратәи акинофестиваль. Ҵыԥх уи рхы аладырхәит 32 ҳәынҭқарра рхаҭарнакцәа.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.