Ҵәыџьба: иҭахаз зегьы рыбаҩқәа анышә ианамадахалак ауп, аибашьра еилгеит ҳҳәар анҳалшо
© Sputnik
Ԥақәашьтәи арԥыс, "Агәымшәараз" амедал занашьаз Рауль Ҵәыџьба 26 шықәса хабарда дыбжьаӡны дыҟан. Аԥсны аибашьра ианалага иашьцәа ԥшьҩыки иареи аԥсадгьыл ахьчара игылеит. Рауль игәамбзиара иахҟьаны 1993 шықәсазы вертолиотла Гәдоуҭаҟа ддәықәырҵеит, аха амҩан Марыхәтәи акаҵәараҿы аԥрыга каҳаит.
"Агәыӷра аҭаацәараҟны еснагь иҳаман иӡбахә ҳаҳауеит ҳәа. Иахьа иԥсыбаҩ иани, иаби, иашьцәеи ахьжу инаганы анышә иаҳҭартә иҟалеит. Ганкахьала ҳгәырӷьоит, даҽа ганкахьала ҳгәы ҵәыуоит", - иҳәеит Ҵәыџьба.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аҟны.