Апринц Гаррии Меган Маркли Instagram аҿы азеиԥш аккаунт еицыҟарҵеит

Уаанӡатәи адыррақәа рыла Британиа ду акралԥҳәыс Елизавета II асоциалтә ҳа Instagram аҿы раԥхьатәи акьыԥхьымҭа ҟалҵеит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 3 - Sputnik. Апринц Гаррии иара иԥшәмаԥҳәыс агерцогиниа Суссекстәи Меган Маркли асоциалтә ҳа Instagram аҿы азеиԥш аккаунт еицыҟарҵеит ҳәа аанацҳауеит RT.

"Ҳ-официалтә Instagram аҿы бзиала шәаабеит ҳәа шәаҳҳәоит",- аҳәоит Гаррии Мегани раԥхьатәи ркьыԥхьымҭаҿы.

Адырраҭараҿы иазгәаҭоуп дара раккаунт знапы аҵазыҩуа ажәабжь ҿыцқәа рыцеиҩшара ргәы ишҭоу.

"Ҳара ҳазыԥшуп ҳгәы иҭоу шәыцеиҩаҳшарц, ҳнапы злаку ҳашәзалацәажәарц", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла Британиа ду акралԥҳәыс Елизавета II асоциалтә ҳа Instagram аҿы раԥхьатәи акьыԥхьымҭа ҟалҵеит – лабду иаб, апринц Альберт изҩыз ашәҟәқәа руак афотосахьа.