Арадио

Гәарамиа 1989 ашықәсазтәи ахҭысқәа рзы: агәра ҳгомызт ААУ аиқәырхара алыршахоит ҳәа

Мшаԥымза 3, 1989 шықәса рзы ААУ ақырҭуа аҟәша астудентцәеи арҵаҩратә еилазаареи ақәгыларақәа мҩаԥыргеит, лымкаала аректор Алеко Гәарамиеи егьырҭ "Лыхнытәи ааԥхьара" знапы аҵазҩыз арҵаҩцәеи рамхразы. Усҟантәи ахҭысқәа шымҩаԥысуаз атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы игәалаиршәоит ААУ аректор Алеко Гәарамиа.
Sputnik
Гәарамиа 1989 ашықәсазтәи ахҭысқәа рзы: агәра ҳгомызт ААУ аиқәырхара алыршахоит ҳәа

"Исгәалашәоит ибзиаӡаны усҟан иҟаз ахҭысқәа, Аԥсны жәлар рзы ари даара иуадаҩыз зҵааран. Исгәалашәоит, Владислав Арӡынба иашҭаҿы саннеи ажәлар зегьы анапеинҟьара иалагеит. Сара усҟан исҳәеит аӡәгьы азин шимам ауниверситет ас еиԥш азныҟәара, аха ҳара иаҳҳәоз егьырҭ ираҳаӡомызт. "Лыхнытәи ашәҟәы" снапы ахьаҵазҩыз убри саҽԥнырҳәон, уи мап ацәыскыр, нас зегьы бзиахоит ҳәа сарҳәон. Ашьакаҭәара аныҟала аҭагылазаашьа зынӡа ицәгьахеит. Аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуан, аха урҭ лҵшәадан, усҟан иазыӡбан иаанхаз рыла ауниверситет аҿы аҵара апроцесс алагара. Сара сцеит Нхыҵ-Кавказтәи Москватәи ауниверситетқәа рахь ацхыраара аҳәаразы, уахьынтә иааны алекциақәа ирыԥхьоз апрофессорцәагьы ҟалеит, убри иабзоураны иалыршахеит ауниверситет аиқәырхара. Усҟан аҭагылазаашьа злаҟаз ала аӡәгьы агәра игомызт зегьы ҭышәынтәалахоит, ауниверситет ишахәҭоу еиԥш аусура иалагоит ҳәа", - ҳәа игәалаиршәоит Гәарамиа.  

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.