Ишьақәыргылоуп иреиӷьу аҳаиртә еилахәырақәа

Урыстәыла аҩныҵҟа иреиӷьу еилахәыраны ишьоуп "Аэрофлот" иаҿыҵыз аилахәыра "Россия".
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 3 — Sputnik. Ишьақәыргылоу иреиӷьу аҳаиртә еилахәырақәа рреитинг аҿы аԥыжәара аиуит сингапуртәи Singapore Airlines, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости "TripAdvisor" адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Катартәи Qatar Airways, таивантәи EVA Air аҩбатәии ахԥатәии аҭыԥқәа ныркылеит. Иреиӷьу ахәба рахь иаҵанакит Emirates (аштаб квартира ОАЕ иҟоуп), иапониатәи Japan Airlines.

Уи адагьы "топ-10" ахь иаҵанакит: америкатәи Southwest Airlines, бразилиатәи Azul, зеландиа ҿыцтәи Air New Zealand, британиатәи лоукостер Jet2.com, иапониатәи All Nippon Airways (ANA).

Апассаџьырцәа иалыркааз иреиуоуп: Emirates, Qatar Airways, Air New Zealand, Singapore Airlines.