Арадио

Хапат абаза жәлар рыхәмаррақәа рзы: ҳҵеицәа еидызкыло, еибазырдыруа ауп

Адунеизегьтәи Аԥсуа- абаза конгресс иреиҳаӡоу ахеилак Сҭамԥыл имҩаԥнагеит иҳаҩсыз ашықәсаз аусура аихшьалақәа, иара убас иалнакааит 2019 шықәсаз еиҳа аԥыжәара зҭатәу ахырхаҭақәа, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит Адунеизегьтәи Аԥсуа- абаза конгресс иреиҳаӡоу ахеилак Ҭырқәтәылатәи алахәыла Аҳмаҭ Хапат.
Sputnik
Хапат абаза жәлар рыхәмаррақәа рзы: ҳҵеицәа еидызкыло, еибазырдыруа ауп

"Шықәсқәак ҵуеит абираҟ амш аҽны абаза милаҭ ахәмаррақәа мҩаԥыргоижьҭеи. Ҵыԥх аныҳәа сҩызцәагьы саргьы ҳрылахәын-иԥшӡаны еиҿкаан. Ҳара иаҳҭахуп сынтәа урҭ Ҭырқәтәылантәи аҿаргьы алархәхарц. Аспорт даара аҵак ду амоуп, избанзар ажәлар ргәалаҟара шьҭнахуеит, абзиабара, аимадара, аиашьара иаҳа иарӷәӷәоит. Ари ҳхәыҷра ахаантәи ахәмаррақәа роуп, дара агәыбылреи агәхьаагареи рыцуп. Усҟан ашьыжь асааҭ жәба рзы иалагаз ауха жәаба рзы иалгеит ахәмаррақәа, аха аӡәгьы дмааԥсеит, зегьы ршьапы иқәгылан. Ҳара иаҳҭахуп абри аԥшӡара агәырӷьара ҳаҷкәынцәа, ҳҵеицәа еидызкыло, еибазырдыруа акакәны иҟаларц", - ҳәа азгәеиҭеит Хапат.    

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.