Арадио

Адлеиба: Аҟәатәи агәамсамкажьырҭа адыркаанӡа уаҟа сгылазаауеит

Аҟәа Алашарбага аҳаблаҟны инхо Џьансыхә Адлеиба арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит агәамсамкажьырҭа аҭыԥ аркхаанӡа уаҟа амҩа аркны дышгылазаауа.
Sputnik
Адлеиба: Аҟәатәи агәамсамкажьырҭа адыркаанӡа уаҟа сгылазаауеит

"Аҳҭнықалақь иқәынхо ауааԥсыра агәрагара ҳцәыӡны ҳаҟоуп. Изныкымкәа, иҩынтәымкәа, есымша иҳарҳәоит абри аус ӡбахоит ҳәа. Аибашьра еилгеижьҭеи агәамсамкаԥсарҭа азҵаара алацәажәара цоит, аха акгьы шыҟаҵам ҳбоит. Аҳҭнықалақь ари аҳаблаҟны инхо ҳаԥсҭазаара бааԥсыла иарцәгьоит, агәамсамкажьырҭа ҩышә-хышә метра рҟынӡа иааины ҳаҩнқәа иаарыдыӷәӷәалеит. Аԥсшьаҩцәа ахьаҳзаауа аҭыԥ аҟны агәамфҩы ахьықәышәшәо ҽеим, амшын иалалоит, агәабзиара иазеицәоуп. Ҳара убас ҳҳәоит - аҳәынҭқарра ахада аҳҭнықалақьтәи агәамсамкаԥсарҭа аркуп ҳәа адҵа ҟаиҵаанӡа, убраантәи џьаргьы ҳцаӡом. Сара фҩык ахәыҷқәа сааӡоит, убра иахьа еилагылоу зегьы еидыҵны ицаргьы, сыԥсы маҷханы скаҳаанӡа сгылазаауеит, агәамсамкаԥсарҭа аркхаанӡа", - иҳәеит Адлеиба.

Шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Аԥыза-министр Валери Бганба аԥшьаша имҩаԥигаз абрифинг аҟны алаҳәара ҟаиҵеит Гәылрыԥшь араион аҟны агәамсамкажьырҭа ҭыԥ ҿыц аргылара шазгәаҭоу 2020-2022 шықәсқәа рзы Аԥсны аҿиаразы аинвестициатә программаҟны. Уи азы 120 миллион мааҭ аԥара арбоуп. Лаҵарамзазы Аҟәа имҩаԥысраны иҟоуп Аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәара. Аԥара шоужьхалак, апроекттә усумҭақәа ирылагараны иҟоуп ҳәа адырра ҟаиҵеит аԥыза-министр.