Арадио

Џьениа: ҳдиаспора Аԥсны рыбжьы рҭиир, иаҳа ииашоу адырра рымазаауеит

Аԥсны ахада иалхрақәа инарымаданы Ҭырқәтәыла абжьыҭара амҩаԥгара хымԥадатәиума? Абри азҵааразы адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны игәаанагара иҳәеит ауаажәларратә усзуҩ, Аҷандара ақыҭа ахадас иҟаз Витали Џьениа.
Sputnik
Џьениа: ҳдиаспора Аԥсны рыбжьы рҭиир, иаҳа ииашоу адырра рымазаауеит

"Иахьазы Ҭырқәтәыла инхо ҳауаажәлар хәышәҩык ирымоуп аԥсуа паспорт. Иаҳҳәап, даҽа 40 шықәса рышьҭахь арахь имаакәа 100 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа алхрақәа рҟны рыбжьы рҭиир ҟалар алшоит, Аԥсны иқәынхо ҳакәзар, ҳхыԥхьаӡара иацлом. Аибашьра ашьҭахь аԥсуаа ҳадгьыл аҟны ҳаиҳахарц Ҭырқәтәылантәи ҳашьцәа ааҳгартә алшара ыҟан, аха ҳхы иаҳзамырхәеит уи. Иааны араантәи апаспорт ргазар, араҟа абжьыҭарақәа рхы рыладырхәыр алшоит, ҳазхарагьы ҳаибабон, Аԥсны ицо аполитика, апартиақәа рҟынтәи ацәажәарақәа, аҭагылазаашьа зеиԥшроу азы иаҳа адырра роуан, ииашаны алхра мҩаԥыргоу имҩаԥырымгоу еилыркаауеит", - азгәеиҭеит Џьениа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.