Арадио

Ҷанба еиҭеиҳәеит Аԥсуа театр ароиаль ҳамҭас аиура шыҟалаз

Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр адиректор хада Нодар Ҷанба арадио Sputnik Аԥсны аҟны еиҭеиҳәеит атеатр ҳамҭас ароиал аҭара шыҟалаз.
Sputnik
Ҷанба еиҭеиҳәеит Аԥсуа театр ароиаль ҳамҭас аиура шыҟалаз

"Адунеи аҟны еицырдыруа амузыкантцәа ахьыхәмаруа инструментуп аилахәра "Steinway & Sons" иҭнажьуа, иреиӷьу ароиальқәа иреиуоуп. Иара аҭоурых ду амоуп, иҭрыжьуеижьҭеи ахаҭабзиара ашәага-загақәа ирыцәхьамҵкәа иаауеит. Даар сгәы иаахәуеит ас еиԥш аинструмент ахьҳауз, избанзар аконцерттә залқәа рҟны џьаргьы иара аҩыза ҳамаӡам. Хаҭала ари аинструмент еицырдыруа адирижиор Спиваков Москва имҩаԥигоз иконцертқәа рҟны рхы иадырхәон, уи ашьҭахь Казантәи аконсерваториа азы иаархәар рҭахын, аха ахә рзышьҭымхит. Раԥхьа ҩ-миллион мааҭ иаԥсан. Ҳара миллионки ҩышә нызқь мааҭ ҳәа иааҳхәеит. Аҳәынҭқарра ахада аԥара азоуижьит, аха уи ҭалааанӡа сҩызцәа рҭаацәа Германиантә иааит. Аҷкәын данызбоз 12 шықәса ракәын ихыҵуаз (Джем Азак (Маршьан)-аред.),уажәы Сингапур аус иуеит абанк аҟны, аҭаацәара далалахьеит. Аконцерт маҷ рзеиҿаҳкааит, Ҭырқәтәылантәи зҭаацәа Аԥсныҟа иааз Барас Кәыџба апианино аирҳәон, иргәаԥхеит. Ҳаицәажәараан исҳәеит ароиаль аилахәра "Steinway & Sons" иҭнажьхьоу акы иадымхаргьы иҳамазароуп ҳәа. Иахьыҟоу акыр удыруама ҳәа иансазҵаа ирасҳәеит. Иаразнак аҭел дасны еиликааит Сингапурынтәи Урыстәылаҟа аԥара ашьҭра шыҟало, иҳәеит ароиаль шаҳзааихәо, иажәагьы наигӡеит. Ирласны, ҳманшәаланы иааҳгеит, Аԥсны акультура азы аҳамҭа ҟаҵан", - иҳәеит Ҷанба.

Аԥсуа драматә театр ҳамҭас иарҭеит миллион мааҭ иаԥсоу ароиаль

Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр адиректор хада иазгәеиҭеит ароиаль аахәаразы иазоужьу аԥара атеатр егьырҭ аҭахрақәа рахь ишдәықәҵахо.

"Атеатр культуратә центрны иҟазароуп. Аспектакльқәа дырбара анаҩсгьы имҩаԥысуазароуп аконцертқәа, ахәылԥазқәа, аҟазара аусзуҩцәа зегьы атеатр ааигәа иҟазароуп. Ароиальқәа иҵегьы ҳзаазхәо Анцәа дҳаиҭааит", - иҳәеит Ҷанба.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.