Арадио

Аблоҭиа Аҟәатәи Жәларбжьаратәи акинофестиваль азы: Аԥснытәи афильмқәа алазароуп

Акинорежиссиор, Аԥсны Жәлар рартист Виачеслав Аблоҭиа арадио Sputnik аефир аҟны Аҩбатәи Аҟәатәи акинофестиваль аусуреи уи аԥеиԥши рзы игәаанагара иҳәеит.
Sputnik
Аблоҭиа Аҟәатәи Жәларбжьаратәи акинофестиваль азы: Аԥснытәи афильмқәа алазароуп

"Сынтәатәи афестиваль аҟны афильмқәа еиҳа еиӷьын ҵыԥх аасҭа, амҽхакгьы еиҳан. Ҵыԥх уиаҟара аҳәынҭқаррақәа алахәӡамызт, Урыстәыла аламҵаӡакәа жәабаҟа ҳәынҭқарра рхаҭарнакцәа ааит. Афильмқәа рыла досу рҳәынҭқаррақәа рҟны рыԥсҭазаашьа убоит, ухгьы уахәаԥшуеит. Акинофестиваль зегь рыла ибзиоуп. Уи зхы алазырхәыз ҳамҭас ироуит ҳәа азырԥхьаӡеит - Аԥсны иааны адкылара бзиа ахьырзыҟарҵаз. Дара рзы гран-при иаҩызахеит Аԥсны раҭаара, избанзар убриаҟара ибзианы ирыдыркылеит. Сара изныкымкәа афестивальқәа рахь сцахьеит, ас рнапы уқәыргыланы урбаӡом. Аҟәатәи акинофестиваль аԥхьаҟа аԥеиԥш амоуп, иагьамазароуп, уажәшьҭа ахыԥша бзиоуп. Ҳаԥыхьаҟа ҳфильмқәа алалароуп афестиваль, аицлабраҟны аиааира рга ирымга, иҟазароуп", - ҳәа азӷәеиҭеит Аблоҭиа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.