Британиатәи апарламент Brexit аҿҳәара анахара иадгылеит

Британиатәи апарламентарицәа атәыла аԥыза-министр Тереза Меи Brexit аҿҳәара анахаразы лыплан иақәшаҳаҭхеит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 10 - Sputnik. Британиатәи апарламентарицәа атәыла аԥыза-министр Тереза Меи Brexit аҿҳәара анахаразы лыплан – Евроеидгыла алҵра мшаԥы 12 иахыганы рашәара 30 ахь аиагара, иақәшаҳаҭхеит.

РИА Новости адыррақәа рыла абри азы рыбжьы рҭиит 420 парламентари, иаҿагыланы рыбжьы рҭиит– 110.

Меи уаанӡа Бриуссель ахь аҳәара ҟалҵахьан Brexit аҿҳәара рашәара 30 ахь инахазарц. Евроеидгыла уи аҭакс ажәадгала ҟанаҵеит 2020 шықәса хәажәкыра анҵәамҭахь аҿҳәара ииагазарц.

Аӡбра рыдыркылараны иҟоуп Евроеидгыла аилатәараҿы, мшаԥы 10 рзы.

Brexit азы ирулак азакәан апроект рыдыркылеит