Арадио

Делԥҳа еиҭалҳәеит Гал ихыркәшахаз адиспансеризациа алҵшәақәа ртәы

Гал араион аҿы ихыркәшахеит ҳреспубликаҿы мшаԥымза 5 рзы ихацыркхаз адиспансеризациа. Ауааԥсыра уи шаҟа азҿлымҳарала иазнеиз атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит ҳтәыла агәабзиарахьчара аминистрра ахәшәтәра-прафилактикатә ҟәша аиҳабы Саида Делԥҳа.
Sputnik
Делԥҳа еиҭалҳәеит Гал ихыркәшахаз адиспансеризациа алҵшәақәа ртәы

"Адиспансеризациа иахысит 2000-ҩык, урҭ рахьтә 500-ҩык хәыҷқәоуп. Аҳәсеи ахацәеи ҳәа иушозар, иааз аҳәса рхыԥхьаӡара еиҳа ирацәоуп. Аҳақьымцәа излазгәарҭаз ала лассы-лассы иуԥыло чымазарақәа иреиоуп агәы -ашьа-адатә, аԥсыԥлагаҩагаратә, ашьақар чымазарақәа. Арԥҳачымазара акәзар, жәаҩык ирыдырбалеит. Уаанӡа иҟаз адиспансеризациеи уажәтәи еиҿурԥшуазар, уажәы еиҳа ирацәаҩны иахысит. Еиҭа иазгәаҳҭарц ҳалшо акәны иҟоуп, уаанӡа арԥҳачымазара зманы иалкааз рхыԥхьаӡара еиҳазҭгьы, уажәы акырӡа иагхеит. Ахәыҷқәа рҿы зыргәамҵуаз ҳәа иалкаан- аԥсыԥлагаҩагара", - ҳәа азгәалҭеит Делԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.