Арадио

Гогәуа "Аԥсны апарламентарицәа Реидгыла"азы: политикатә еиҿкаараӡам

Ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара "Аԥсны апарламентарицәа Реидгыла" ахантәаҩы Сенер Гогәуа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит ҿыц иаԥҵоу аиҿкаара ахықәкы атәы.
Sputnik
Гогәуа "Аԥсны апарламентарицәа Реидгыла"азы: политикатә еиҿкаараӡам

"Аԥшьбатәи ааԥхьара адепутатцәа аус анаҳуазгьы ҳазхәыцуан абас еиԥш аидгыла еиҿаҳкаарц. Адунеитә практикаҟны, аҳәынҭқарра дуқәа рҟны иубоит ԥасатәи ахада, ихаҭыԥуаҩ, ԥасатәи адепутат ҳәа ишрымам. Урҭ ауаа рԥышәеи рылшарақәеи аҳәынҭқарра аргылараҟны рхы иадырхәоит, аҭыԥ рырҭоит аус еиҳа еиӷьны еиҿыркаарц. Аԥсны акәзар уааԥсырала ҳрацәаӡам, ԥасатәи ааԥхьарақәа адепутатцәа акыр рылшозар, ирдыруазар, ҳҳәынҭқарреи ҳауаажәлари изрыцхраауазар ҳазхәыцны иҟаҳҵеит аидгыла", - иҳәеит Гогәуа.

Иара еиҭеиҳәеит ҿыц иаԥҵоу аидгыла анапхгара шышьақәгылоу, русура аҿҳәара атәы. Гогәуа иазгәеиҭеит имҩаԥысраны иҟоу аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рҟны акандидатцәа ацхыраара рыҭара азы шакәым изеиҿкаау аидгыла.

"Ари политикатә еиҿкаараӡам. Хымԥада, уи иалоу зегьы ргәаанагара рымоуп, изыдгыло акандидатцәагьы ыҟазар ауеит. Ҳара ҳхықәкы еиуеиԥшым аполитикатә партиақәа ирылахәзар зылшо адепутатцәа зегьы ргәаанагара еилкааны аусеицура ауп. Иҟоуп ҳара зегьы ҳаидызкыло азҵаарақәа: ҳҳәынҭқарра аргылара, адәныҟатәи аполитика аганхьала ҳхақәиҭра, аекономика ашьҭыхра. Абарҭқәа рҟны адепутатцәа зегьы ҳауаажлар рҭахрақәа азгәаҭаны аусеицура ауп иаҳҭаху ҳәа агәаанагара ҳамоуп", -иҳәеит Гогәуа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.