Уаанӡа анаукаҿ идырмыз ауаа рыжәлахк иеиуоу рыԥсыбаҩқәа рыԥшааит

Аԥсыбаҩқәа рыҭҵаара ашьаҭахь аԥсыбаҩқәа рышықәс 50 - 67 нызқьшықәса иаҵадыркит. Абри атәы кьыԥхьуп ажурнал Nature аҿы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 11 - Sputnik. Аҵарауаа жәларбжьаратәи рекспедициа Филиппины ирыԥшааит уаанӡа анаукаҿ ирзымдыруаз ауаа рыжәлахк иеиуоу аԥсыбаҩқәа хԥа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости ажурнал Nature адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

"Аԥсыбаҩқәа рморфологиатә ҷыдарақәа егьырҭ ауаа рыжәлахк –Homo floresiensis, Homo sapiens реиԥш иҟоу, иацәхьаҵуп. Ари иалнаршеит арҭ ауаажәлахкқәа аҵарауаа Homo luzonensisҳәа ахьӡ зырҭаз ауаажәлахк ҿыц ахь раҵаркра", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аԥсыбаҩқәа ԥшаан филлипинтәи адгьылбжьаха Лусон, аҳаԥы Калиао аҟны. Аԥсыбаҩқәа рыҭҵаара ашьаҭахь аԥсыбаҩқәа рышықәс 50 - 67 нызқьшықәса иаҵадыркит.

Homo luzonensis раарԥшра аеволиуциа аҟазшьа еилаԥса аанарԥшуеит ҳәа азгәарҭоит аҵарауаа.