Арадио

Леон Чуаз: сымч-сылша зегьы хабарда ибжьаӡыз рыԥшаара иазыскыр сҭахуп

Дәрыԥшьтәи абжьаратә школ аҵаҩы Леон Чуаз арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Германиа иҟаз аконцлагерь Дахау иҭакыз аԥсуаа рыхьыӡқәа шыиԥшааз атәы.
Sputnik
Леон Чуаз: сымч-сылша зегьы хабарда ибжьаӡыз рыԥшаара иазыскыр сҭахуп

"Аԥсуаа рҟынтә сара исыԥшааит х-жәлак: Аршба, Цәеиба, Гәлиа. Аҭаацәарақәа рыԥшаара ҳалагарц ҳгәы иҭоуп. Сара сабду иаб далахәын Аџьынџьтәылатәи еибашьра ду, иахьа уажәраанӡа ихабар ҳаздырӡом. Сара исҭахуп иара дахьыҟоу еилыскаарц. Аинтерес сымоуп иара дахьҭахаз аилкаара, уи ахҭыс шыҟалаз. Сара раԥхьаӡа акәны апроект "Ахьӡ архынҳәра" атәы саҳаит ашкол аҟнытә Пицунда алагерь аҿы саныҟаз. Уа апроект анапхгаҩы Григори Скворцов хабарда ибжьаӡыз рҭәаацәа аԥшаара аус шымҩаԥысуа атәы сзеиҭеиҳәеит. Убри нахыс ари аус сҽазыскырц сыӡбеит", - ҳәа азгәеиҭеит Леон Чуаз.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.