Арадио

Лагәлаа: амуза анааиуа, абаҩхатәра злоу аҩра дамартәар ауӡом

Алитературатә-уаажәларратә журнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа арадио Sputnik адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны далацәажәеит ҳаамҭазы аҿар алитература радԥхьалара азҵаара.
Sputnik
Лагәлаа: амуза анааиуа, абаҩхатәра злоу аҩра дамартәар ауӡом

"Иахьа алитературахь ихьаԥшуа иаҳа имаҷуп ҳҳәар ҳалшоит, аха иахьынӡаҳалшуа аус ҳулароуп абаҩхатәра злоу аҿар ралԥшааразы. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ҵыԥх раионцыԥхьаӡа асеминарқәа еиҿнакааит. Аҿар ражәеинраалақәа, ражәабжьқәа рыманы иаҳзыԥшын. Аидгыла аҟынтәи хәҩы-фҩы ашәҟәыҩҩцәа ҳарԥылон. Дара рҩымҭақәа ирыԥхьон, иаҳа иреиӷьу аҭыԥаҟны иалхны ажурналқәеи агазеҭқәеи рҟны иааганы иаҳкьыԥхьон. Ашықәс анҵәамҭазы алитературатә семинар Аҟәа иҳаман. Иҟоуп ицәырҵыз ахьыӡ ҿыцқәа. Убри ҳара ҳақәгәыӷуеит, ицәырҵит ажәабжь ҿыцқәагьы. Дара ажурналқәа ирнылоит. Ауаҩы аус ахьыиуа шаҟаҩы аҿар изцәырго, иара изы мацара акәӡам, алитература зегьы азы инасыԥуп. Иаҭахуп ииашацәҟьаны абаҩхатәра злоу рӡыргара, апремиақәа ранашьара. Аха убри аан агха ҳмыхьроуп иаҳа изыцхыраатәу, иаҳа ицәыргатәу рганахьала. Иазгәаҭатәуп аҿар аҩра иалагаз, алитературахь зшьаҿа еихызгаз, ажурналқәа рҿы икьыԥхьуа руалафахәы маҷуп, убри аҟынтәи хыџьара-ԥшьыџьара аус руеит. Уи, хымпада, рырҿиаратә ԥстазаара ианыԥшуеит, ицәгьоуп. Аха ииашацәҟьаны абаҩхатәра змоу уи дацәцоит, аамҭагьы азиԥшаауеит жәеинаарлоума, жәабжьума. Амуза анааиуа дамартәар ауӡом", - ҳәа азгәеиҭеит Лагәлаа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.