Арадио

Аҟалӷьба: ажәеинраала аҩра акрыуҿанаҵуама ҳәа аиҳабацәа иануарҳәо, угәы унархьуеит

Ҳаамҭазы аҿыц цәырҵрақәа рганахьала ауаа рыбзазара ԥхьаҟа ицоит, аха адоуҳатә культура иаҳа иӷархо иалагеит ҳәа агәаанагара ааирԥшит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны апоет ҿа Абзагу Аҟалӷьба.
Sputnik
Аҟалӷьба: ажәеинраала аҩра акрыуҿанаҵуама ҳәа аиҳабацәа иануарҳәо, угәы унархьуеит

"Сара сықәра зықәроу ажәеинраала акрыуҿанаҵуама, иалыухуеи ҳәа сеиҳәар, уамак сгәы снархьрымызт ҳәа сҳәон шықәсқәак раԥхьа. Абырг, мамзаргьы зыуаҩыбжара иҭысхьоу ажәеинраала шыуҩҩуа саҳаит, уи акрыуҿанаҵуама ҳәа ануеиҳәо даара угәы унархьуеит. Уи ауаҩ илитература, икультура дазхьаԥшӡом, даҽа ганкала ауп аԥсҭазаара дшахәаԥшуа. Ҳәарас иаҭахыузеи уи угәы унамырхьыр ауам. Иахьеи уахеи исфо, изжәуа, мамзаргьы асмартфон иску, сзықәтәоу амашьына мацарала аԥсҭазаара узышьақәыргылаӡом, ҳхаҿра ҳазӡыргаӡом даҽаџьара", - ҳәа азгәеиҭеит Аҟалӷьба.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.