Арадио

Габуниа еиҭеиҳәеит ашәахтәқәа зымшәо иарбан ԥынгылақәоу ирзыҟарҵо

Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра апресс-маҵзура аиҳабы Гьаргь Габуниа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит ашәахтәқәа зҽыцәхьазкырц иақәызкуа анаплакыҩцәа рзы иҟоу аԥынгылақәа ртәы. Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аԥҵоижьҭеи 25 шықәса ҵит.
Sputnik
Габуниа еиҭеиҳәеит ашәахтәқәа зымшәо иарбан ԥынгылақәоу ирзыҟарҵо

"Урыстәыла ус еиԥш иҟоуп ауаҩы акредит, ахараԥса уҳәа аныимшәо, убас еиԥш аԥынгылақәа изыҟарҵоит итәыла аҳәаа дзахымсуа. Ҳара ус  еиԥш аҭагылазаашьа ҳамаӡам ҳаҭалатәи аха ҿқәа рганахьала. Аха акоммерциа знапы алакәу, аиуристтә ҳаҿқәа, ҳаҭалатәи анаплакыҩцәа алагаҩага иаҿу, иаҳҳәап, ауал рацәаны ирықәзар, иршәаргьы ргәы иҭамзар, урҭ аԥынгылақәа рзыҟаҳҵоит. Ашәҟәы ҳаҩуеит аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ашҟа ус еиԥш ауаа атауарқәа анаарго, ашәҟәҭагалара иахырмыжьырц. Ус еиԥш аԥынгылақәа аниоулак, хымԥада, ашәахтәшәаҩ дҳадҵаалоит. Ауал рацәаны иқәзар, уи ахшәааразы аамҭа еихшаны изыҟаҳҵоит, ҳаилибакаауеит, аԥынгылақәагьы изаԥаҳхуеит. Аҳазалхратә еилакыи ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра ааигәа аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит аусеицуразы. Ҳара ҳаиԥш даргьы ирымоуп акомпиутер иҭагалоу рхатә сиа. Ҳаиқәшаҳаҭра инақәыршәаны урҭ иҭагаланы иҳамоу адыррақәа еимаҳдалоит. Иаагозар, ауаҩы аҳазалхратә еилакы аҟны атауарқәа анҭеигало, аҳазалхыҩ алшара имоуп уи ауаҩ ашәҟәы дҭагалоума, иахәҭоу ақьаадқәа имоума аилкаара. Ҳара ҳганахьала ашәахтә маҵзураҟны алшара ҳамоуп аҳәаа иахыгоу атаурқәа рхыԥхьаӡара  абара. Иаҳҳәап, ауаҩы миллионк рыхә атауар ааигазар, ҳара шә-нызқь мааҭ ҳәа адырра ҳаиҭар ауеит. Уаанӡа урҭ зегьы реилкаара аамҭа агон, уажәы онлаин иҳауеит адыррақәа. Уи, хымԥада, аус арманшәалоит", - ҳәа азгәеиҭеит Габуниа.

Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аԥҵан мшаԥы 14, 1994 шықәсазы. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы уи напхгара арҭон Беслан Кәыбраа, Константин Озган, Адгәыр Лышәба, Вахтанг Ԥиԥиа, Рауф Цымцба. Иахьа ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра напхгара аиҭоит Даур Кәырмазиа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.