Соломко: агәаҭарақәа иаадырԥшуеит ацқьара аганахьала раионк шузалымкаауа
© Sputnik
"Ахшыҩ аарԥштәуп ҳәыҷык (аԥсабараҟны ахымҩаԥгашьа иазкны- аред.), аԥсуа иацкьыс изладаз акультура, аха иахьа убас ҳҟалеит. Ақыҭақәа рахь ҳнеиуеит, раионцыԥхьаӡа агәаҭарақәа рымҩаԥгара ҳаҿуп. Ацқьара аганахьала зегьынџьара ҳаиԥшуп. Иаагозар, Гагра араион Ԥсоу иаԥну ақыҭа, џьара гәаҩарак узыԥшаауам агәамсам ахьышьҭам. Ари ахылаԥшра аҭахуп, ҳамацара ҳахәаӡом", - иҳәеит Соломко.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.