Арадио

Коӷониа еиҭеиҳәеит ашьапылымпыл азы Европатәи Академиа раԥхьатәи ааӡамҭацәа шаиуз

Аԥсны иаԥҵоу ашьапылымпыл азы Европатәи Академиа азыҟаҵаҩ хада, еизгоу амилаҭтә команда ахәмарҩы Лаша Коӷониа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит аҽазыҟаҵарақәа ирхысло раԥхьатәи агәыԥқәа шрыдыркылаз.
Sputnik
Коӷониа еиҭеиҳәеит ашьапылымпыл азы Европатәи Академиа раԥхьатәи ааӡамҭацәа шаиуз

"Ҩ-гәыԥк ҳамоуп- жәаҩаҩык ахәыҷқәа. Ашәахьаҽны аҽазыҟаҵарақәа ҳрылагоит. Гәыԥк ашәахьа рҽазыҟарҵоит, егьырҭ –аҩаша. Аҳәыҷқәа ԥшьба, хәба, фышықәса зхыҵуа роуп. Иаагозар, егьырҭ ашьапылымпылтә гәыԥқәа рҟны зҽазыҟазҵо ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара иаҳа ирацәоуп, иҟалалоит ҩажәа-ҩажәи  жәаҩык рҟынӡа. Аҽазыҟаҵаразы уиаҟара аамҭа рацәам, ахәыҷқәа зегьы ампыл роуртә еиԥш аҭагылазаашьа маншәалам. Ҳара ҳгәыԥ аҟны иҟоу жәаҩаҩык ахәыҷқәа рыцыԥхьаӡа рымпыл роуеит. Раԥхьатәи ахәмарра акәзар, ас еиԥш ихәыҷу рзы уи атәы аҳәара заацәоуп, рыԥсихологиа азыҟаҵаӡам. Ҳаԥхьаҟа аус ду шьҭоуп. Уи анаҩс иҟалоит ахәмаррақәеи алҵшәақәеи", - иҳәеит Қоӷониа.

Коӷониа еиҭеиҳәеит Аҟәа ишаадыртуа Ашьапылампыл азы Европатәи Академиа

Иара иазӷәеиҭеит иааиуа аԥхынра даҽа гәыԥк еизыргар шырҭаху, избанзар ирыдҵаало ауаа рхыԥхьаӡара маҷҩым.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.