Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иуникалтәу афотосахьақәа ӡырнагеит

Апроект аҿы ицәыргоуп Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ар ркомандаҟаҵаҩцәа иуникалтәу рҭаацәаратә фотосахьақәа.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 15 - Sputnik. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿ аиааира 74 шықәса ахыҵра аламҭалаз Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра асаит аҿы аусура иалагеит апроект ҷыда "Полководцы Победы: мирные мгновения судьбы".

Апроект аҿы ицәыргоуп Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ар ркомандаҟаҵаҩцәа иуникалтәу рҭаацәаратә фотосахьақәа.

Урыстәыла атәылахьчара аминистрра Ҟрым азы аибашьра адокументқәа ӡырнагеит

Урҭ уаанӡа акьыԥхь рымбацызт, аҭаацәаратә альбомқәа рҟынтә иаагақәоу, акомандаҟаҵаҩцәа аҭынч ԥсҭазаараҿы, рҭынхацәа рыгәҭа иҭыхыз роуп.

Арахь иаҵанакуеит: Асовет Еидгыла амаршал Георги Жуков аԥсшьараан ифотосахьа, Константин Рокоссовски ашәарыцараҿы ифотосахьа, акәылӡтәы техника ар рмаршал Амазасп Бабаџьаниан иԥшәмаԥҳәыси иареи шеицыкәашо афотосахьа, Семен Буденныи иԥеи иареи рфотосахьа.

Асахьақәа рҿы иҟоуп Асовет Еидгыла амаршал Андреи Еременко абилиард даныхәмаруаз, анџьныртә ар рмаршал Николаи Шестопалов ашахмат данасуаз.