3D апринтер аҿы зыԥсы ҭоу агәы ркьыԥхьит

Агәы ашәагаа ҩ-сантиметрак рҟынӡа иҟоуп, уи ажьа агәы иаҟароуп. Апринтер агәы акьыԥхьра х-сааҭки бжаки иаҿын.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 16 - Sputnik. Израиль иҟоу Тель-Авивтәи ауниверситет аҟны адунеи аҿы раԥхьаӡа акәны 3D аформат ала ауаҩытәыҩсатә хацеилышь иалхны иркьыԥхьит зыԥсы ҭоу агәы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Апрофессор Тал Двир, Тель-Авивтәи ауниверситет алабораториа анапхгаҩы, адунеи аҟны раԥхьаӡа акәны аформат 3D аҟны ауаҩытәыҩсатә хацеилышь иалхны икьыԥхьит агәы. Ари амедицинаҿы зеиԥш ҟамлац хҭысуп", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Ари аԥышәара аҳәаақәа ирҭагӡагы икьыԥхьын акымкәа-ҩбамкәа агәқәа, урҭ аԥстәқәа рцәеижь иаладыргылоит, аус шыруа агәаҭаразы.

Аҵарауаа ргәаанагарала, ари ахҭыс уаҵәтәи амедицинахь амҩа аанартуеит. Уажәшьҭарнахыс апациентцәа реиқәырхаразы аԥшра аҭаххом.