Арадио

Арухаа агәыҳалалратә концерт азы: иаҳҿыԥшны ахәыҷқәа ацхыраара рызҭо ҟалар ҳҭахуп

Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар рарҳәагақәа аҳәынҭқарратә аоркестр асахьаркыратә напхгаҩы Денис Арухаа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит агәыҳалалратә концерт шымҩаԥырго.
Sputnik
Арухаа агәыҳалалратә концерт азы: иаҳҿыԥшны ахәыҷқәа ацхыраара рызҭо ҟалар ҳҭахуп

"Ҳара уамак ҳхыҵӡом, аха атрадициа ҳамоуп есышықәса иҿыцу апрограмма ҳауаажәлар дырбара. Аоркестр иалахәу зегьы гәахәа дула ирыдыркылеит артистцәа Тимур Ҳагба, Саида Агрԥҳа, Мадина Кәарцхьиа леиԥш иҟоу аконцерт аҟны иахьҳацықәгыло. Иҟаҳҵаз апрограмма арбану, уажәы уи атәы зегьы аасыртыр сҭахым. Даара ибзиахоит ҳәа агәаанагара сымоуп. Уаҟа аԥсуа шәақәагьы ҟалоит, зегьы еицырдыруа аҳәаанырцәтәи акомпозиторцәа раԥҵамҭақәагьы, иԥшӡахоит ҳәа сгәы иаанагои", - иҳәеит Арухаа.

Иара иазгәеиҭеит аоркестр иахьазы ахаҭа адгылара шаҭаху, ауалафахәы ироуа шмаҷу, аинструментқәа рганахьала азҵаарақәа шыҟоу, аха агәыҳалалратә концерт амҩаԥгарала дара ирҭахуп ахәыҷ чымазаҩцәа рыцхарааразы ирҿыԥшуа ауаа ҟаларц.

Мшаԥымза 25 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥысуеит агәыҳалалратә концерт. Уаҟа еизгахо аԥара азышьҭхоит афонд "Ашана" хылаԥшра зырҭо ахәыҷқәа рыхәышәтәразы. Аконцерт асааҭ 18 рзы иалагоит, аблеҭ 300 мааҭ иаԥсоуп.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.