Адунеизегь аҟны асистема Google аусура еиԥҟьан

Аԥшааратә система Google ахархәаҩцәа рдыррала адунеи зегьы аҟны асистема аусура еиԥҟьеит мшаԥы 18 ауха.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы, 18 - Sputnik. Аԥшааратә система Google ахархәаҩцәа рдыррала адунеи зегьы аҟны асистемеи ахархәаратә ԥошьҭа Gmail. Русура еиԥҟьеит аԥшьаша, мшаԥы 18 ауха. Абри атәы аанацҳауеит аинтернет-ресурсқәа амониторинг рызҭо асервис Downdetector.

Аиҳарак ашшрақәа америкатәи ахархәаҩцәа рҟынтәи иаашьҭын. Дара ишырҳәоз ала адаҟьа аҭалареи аҭаҩра ахархәареи шзалымшоз. Ауадаҩрақәа ыҟан Австралиа, Иапониа, Урыстәыла, Украина, Британиа ду.

70 процент ашшыԥхьыӡқәа аккаунт аҭалара ауадаҩхара иадҳәалан.