Арадио

Пасхалов Калдахәаратәи ашкол-интеранат аҟны агәаҭарақәа ирызкны

Калдахәаратәи ашкол-интеранат аҟны аҵареи ааӡареи апроцесс амҩаԥысшьазы агәаҭара мҩаԥысуеит Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр идҵала ҳәа азгәеиҭеит арадио Sputnik аҟны ашкол – интернат аиҳабы Дмитри Пасхалов.
Sputnik
Пасхалов Калдахәаратәи ашкол-интеранат аҟны агәаҭарақәа ирызкны

"Аминистрра аплан инақәыршәаны агәаҭарақәа мҩаԥысуеит. Ҳара уи ҳазхиоуп. Ашкол аҟны арҵаҩцәа, ааӡаҩцәа зегьы ыҟоуп. Уажәыцәҟьа игәарҭо аҵаратә процесс ауп. Ииашаны ахәыҷқәа амаҭәарқәа рызнагашьа хықәкыс ирымоуп, дара ахәыҷқәагьы аҵара шрыдыркыло еилыркаауеит. Егьи амчыбжь азы ааӡаратә процесс гәарҭоит атематикатә план инақәыршәаны. Ҳара уи гәахәараны иҳадаҳкылоит, избанзар иҳарҳәо рацәоуп. Ишыжәдыруа еиԥш аҭҵаарадырра есымша ԥхьаҟа ицоит, аҿыц лагалақәа ҟарҵолит. Урҭқәа гәахәала иҳадаҳкылоит аиҭакрақәа ҳхәоит ҳәа агәаанагара сымоуп", - иҳәеит Пасхалов.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.