Украина имҩаԥысуеит ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур

Амҽыша, мшаԥы 21 рзы Украина имҩаԥысуеит атәыла ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур .
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 21 - Sputnik. Абжьыҭиразы алхырҭатә ҭыԥқәа аатит Украина иахьаҵанакуа амҽыша, мшаԥы 21 рзы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Алхырҭатә ҭыԥқәа аусура иалагеит асааҭ 8:00 рзы, асааҭ 20:00 рзы урҭ адыркуеит.

Украина ахадас иҟоу акандидатцәа рреитинг шьақәдыргылеит

Алхратә комиссиа хада абжьқәа рыԥхьаӡара иалагоит асааҭ 20:00 рынахыс. Убри аан екзит-полқәа раԥхьатәи рылҵшәақәагьы цәырҵуеит (20:00-и 22:00-и рзы).

Аҩбатәи атур иалахәуп уажәтәи Украина ахада Пиотр Порошенкои актәи атур аҟны аԥыжәара зауз Владимир Зеленскии. Ауаажәларра рыбжьара имҩаԥгаз аҭҵаарақәа рыла, Зеленски изы рыбжьы рҭиип ҳәа ргәы иҭоуп 70% Украина атәылауаа, Порошенко изы - 25%.

Алхратә комиссиа хада аҩбатәи атур алҵшәақәа рыланаҳәароуп лаҵара 1-нӡа. Рашәара 3 рҟынӡа ҿыц иалырхыз ахада иинаугурациа ҟалароуп.