Арадио

Аҩӡба иҳәеит аӡахәаҭрақәа рҟны ашәҭқәа зеиҭарҳауа атәы

Аилахәыра "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" аҩыҟаҵаҩ хада Валери Аҩӡба арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит руалырқәа ахьынтәиаарго, иара убасгьы аӡахәаҭрақәа рҟны агәил шәҭқәа зеиҭарҳауа.
Sputnik
Аҩӡба иҳәеит аӡахәаҭрақәа рҟны ашәҭқәа зеиҭарҳауа атәы

"Ҳуалырқәа аџь иалхуп, Франциантәи иааҳгоит. Урҭ ауалырқәа аҩы ахаҭабзиара иаҳа еиқәдырхоит. Ҳара ҳҟынгьы иҟоуп аџь ҵлақәа, аха аус рыдулара ибзианы иаҭахуп, атехнологиақәа ртәы дыртәуп.

Аӡахәаҭрақәа рҟны ашәҭқәа  рԥшӡагаӡам. Еиҳаракгьы ус Европа иҟарҵалоит. Ажь иаԥырхагоу чмазарак аныҟало, раԥхьа изԥырхагахо ашәҭқәа роуп. Уи ала заа адырра роуеит, ахәшәтәрагьы иалагоит. Ҳара шықәсык ала 11, 12-нтә иаҳхәышәтәуеит, ажь ахаҭабзиара ҳҭахызар, амал ақәҳарӡроуп", - иҳәеит Аҩӡба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.