АҞӘА, мшаԥы 22 - Sputnik. Москва Вашингтон аҿцәажәара еснагь иазыхиоуп иҳәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
Иара убасгьы иҳәеит америкатәи амчрақәа ишрылымшо Вашингтон иаҭаху иааҟәымҵӡакәа Москва арҟаҵара.
"Ҳара даара иаҳҭахуп ЕАА ауаажәларратә еилазаара намыс змоу лахәыланы иалагылазарц", - иҳәеит Лавров, ателеканал "Звезда" аинтервиу аҭо.
Иара иҳәеит ЕАА ишырҭаху Урыстәылеи, Китаии, Афганистани, Аҩадатәи Корееи рганахьала аус рыцнаурц. Лавров абри аус аҟны Москвеи Вашингтони аус еицырулар хра аманы ибоит.
Урыстәыла егьырҭ азҵаарақәагьы рылацәажәара иазыхиоуп.
"Ҳара ҳазыхиоуп аусеицура, аха дара ирҭаху дара ирнаало, ргәы иаҭаху мацара ҟаҳҵалар. Убри аан жәларбжьаратәи апринципқәа ҳрыцәхьаҵлароуп. Ҳара уи ҳақәшаҳаҭым", - иҳәеит Ларов.
Иара убасгьы иҳәеит ЕАА атәылақәа зегьы ҳаҭыр рықәҵаны ицәажәалароуп ҳәа.