ФБР Гитлер Аргентинаҟа ибналаразы аинформациа ӡырнагеит

Иахьазы иҟоу аофициалтә версиала Адольф Гитлер мшаԥы 30 1945 шықәса рзы иҽишьит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 23 - Sputnik. Берлин асовет ар рнапахьы ианаарга ашьҭахь Адольф Гитлер Аргентинаҟа дыбналеит ҳәа версиак аҳасабала азхьаԥшра анаҭоит ФБР. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

ФБР Гитлер Аргентинаҟа ибналаразы аинформациа ӡырнагеит

Асеиԥш агәаанагара цәырҵит идырзаз адокументқәа инарымаданы. Урҭ инарықәыршәаны Гитлер амшынаҵатәи аӷбала Аргентинаҟа днеиит. Уа Анды аладатәи акалҭ аҿы иара анхарҭаҭыԥ изалхын.

Арҭ адыррақәа усҟантәи аамҭазы ФБР адиректорс иҟаз Едгар Гувер изнеиит, аха абиуро анапхгара урҭ хаҭәаам ҳәа иазырыԥхьаӡеит.

Актәи ажәахә абри азы иҟаҵан цәыббра 21 1945 шықәса рзы. Иахьазы иҟоу аофициалтә версиала Адольф Гитлер мшаԥы 30 1945 шықәса рзы иҽишьит.

ФБР Гитлер Аргентинаҟа ибналаразы аинформациа ӡырнагеит