Арадио

Кәыҵниа ААУ амцакразы: иуаҩы иишамкәа ихымҩаԥгашьа иахылҿиааз машәыруп

Аҟәеи Аҟәа араиони рҟны амцарцәаратә ҟәша аиҳабы Ҭимур Кәыҵниа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ААУ амцакра ҟалеит ҳәа адырра шроуз атәы.
Sputnik
Кәыҵниа ААУ амцакразы: иуаҩы иишамкәа ихымҩаԥгашьа иахылҿиааз машәыруп

"Ашьыжь 10:47 рзы ақалақьтә абылраҽацәыхьчаратә ҟәшахьы адырра ҳауит ААУ аҟны амцакра ҟалеит ҳәа. Уахь иаразнак агәыԥқәа хԥа шьҭын, ҳаннеи иаабеит алҩа шырацәаз, амцакра аҭыԥ иаразнак иԥшаан, уи алифт ашахта акәын. Иаарласны амца ырцәан, амашәыр бааԥсы ҟамлеит, амца аанкылара ҳалҳаршеит. Амцакра зыхҟьаз макьана аҭҵаара ҳаҿуп, аха агәаанагара ыҟоуп аӡәы аҭаҭын ацыблаах марцәакәа иаанижьит ҳәа, мамзаргьы егьы ауаҩы инапала иҟаиҵаз ак ауп ҳәа, уа иҟам афымцатә цәаҳәақәа, ", - ҳәа азгәеиҭеит Кәыҵниа. 

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы амцакра ыҟан

Аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.