Шьамтәылатәи атҟәацәа рҭагылазаашьа атәы еиҭарҳәоит

Атҟәацәа рхы иақәиҭтәын Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Иран ртәылахьчарақәа рминистррақәа алархәны.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 23 - Sputnik. Шьамтәыла аиҳабыратә мчрақәа ашәахьаҽны Алеппо жәҩык атеррористцәеи аоппозициаа иаанкылан ирымаз атҟәацәеи еиҭнырыԥсахлеит. Абри атәы аанацҳаит РИА Новости.

Дамасктәи ажурналист Мухаммад Капше еиҭеиҳәоит дшырытҟәаз атәы.

"Акаска шкәакәақәа" Алеппо ахимиатә бџьар ахархәара алдыршар ауеит

"Сара мызкы аԥхьа срытҟәеит. Сара аррамаҵзуҩык сакәны сшыҟоу ала еснагь иаасысуа срыпҟон. Алақәа реиԥш акәын ишҳазныҟәоз", - ҳәа еиҭеиҳәоит Мухаммад.

Иҭҟәаз дрылан ҩышықәса абра иҟаз Риан Джаджан. Лара даанкылан арратә дҵа аныналыгӡоз.

"Абахҭаҟны сгәабзиара еиҭашәеит. Арҭ аҩышықәса ирҭагӡаны заҟәантә сыԥсызеи, заҟантәгьы сыбзахазеи. Сшыԥҳәысызгьы срыпҟон. Сара аԥа дсымоуп. Аррамаҵзурахьы сзыхнымҳәыр уи иааӡара саҿызаауеит. Аԥа иааӡара уажәазы акраҵанакуаны иҟоуп", - ҳәа лҳәоит лара.

Жәабранмзазы ҩеижәаҩык Шьамтәыла атәылауааи изакәаным арратә еиҿкарақәа рыруааи еиҭныԥсахлан.