Арадио

Sputnik акорреспондент еиҭалҳәеит Иалта лгәылҽынӡамкәа ҳџьынџьуаҩ дышлықәшәаз

Аԥсуа журналистцәа рзы Ҟрымҟа еиҿкааз апресс-тур шымҩаԥысыз, иарбан қалақьу зегь реиҳа иалкаахаз арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит акорреспондент Сариа Кәарцхьиаԥҳа.
Sputnik
Sputnik акорреспондент еиҭалҳәеит Иалта лгәылҽынӡамкәа ҳџьынџьуаҩ дышлықәшәаз

"Аиашаз, уаҟа даара ицқьоуп, еиҿкаауп. Ҳәарада, ус хабалак иҟаӡам, иҟоуп ақалақьқәа иахьеиҿкаау, иҟоуп ацқьара ахьагугьы, аха иаадкылан даара ибзиоуп. Ҳара ҳаҟан ақалақьқәа жәпакы рҿы, урҭ зегьы ас ирлас иузбаӡом, аха зегь реиҳа исгәаԥхеит Иалта, уи иааицыз ажурналистцәа зегьы ус иалыркааит. Иалта зегь реиҳа еиҿкаауп, уаҟа ирацәоуп ижәытәӡатәиу аханқәа, иԥшьоу аҭыԥқәа, зегьы нап адкылоуп, еиҿкаауп. Аԥснынтә уа сгәысҽанӡамкәа дсықәшәеит Роман Романов,  иара Ешыратәиуп, арратә маҵзура Ҟрым дахысуан, анаҩс уа даанхеит. Роман аԥсышәала ҳашцәажәоз аниба, дааԥышәарччеит, иара иаразнак сылаԥш дааҵашәеит. Анаҩс санааидгыла, еилыскааит иҭоурых, уи Sputnik Аԥсны адаҟьаҿы ҳзыӡырҩцәа иаԥхьар рылшоит", - ҳәа азгәалҭеит Кәарцхьиаԥҳа.

Аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.