Ажурнал People агәаанагарала ашықәс азы реиҳа иԥшӡоу аԥҳәыс лыхьӡ ҳәоуп

Ииасыз ашықәс азы People аверсиала реиҳа иԥшӡоу аԥҳәыс ҳәа лыхьӡ ҳәан америкатәи ашәаҳәаҩ Pink.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 25 - Sputnik. Голливудтәи актриса, апродиусер, ауаажәларратә усзуҩ Дженнифер Гарнер Ажурнал People агәаанагарала ашықәс азы реиҳа иԥшӡоу аԥҳәыс ҳәа лыхьӡ ҳәоуп.

"Асаркьа заҟа имаҷны сахәаԥшуа аҟара еиҳа насыԥ сыманы схы збоит", - лҳәоит Гарнер аинтервиу анрылҭоз, иагьазгәалҭеит иаразнакы лиааира агәра шылзымгаз. Лара лфотосахьа ҷыдала иҭыжьыз ажурнал ацәаҿы ианырҵеит.

Гарнер деицырдыруа дҟалеит асериал "Шпионка" аҿы ЦРУ агент Сидни Бристоу лроль аныналыгӡа инаркны. Лара деицырдыруеит иара убасгьы акинофильмқәа: "Королевство", "Джуно, "Странная жизнь Тимоти Грина", "Далласский клуб покупателей", "С любовью, Саймон" рыла.

Дженнифер Гарнер ҩыџьа аԥҳацәеи актера Бен Аффлек иҟынтәи аԥеи лааӡоит.

Ииасыз ашықәс азы People аверсиала реиҳа иԥшӡоу аԥҳәыс ҳәа лыхьӡ ҳәан америкатәи ашәаҳәаҩ Pink.