Ким Чен Ын Урыстәылаҟа иаара: Кореиатәи адгьылбжьахаҿ аҭагылазаашьа ҭышәыннартәалоит

Аҩадатәи Кореиа ахада Ким Чен Ын Владивосток днеиит мшаԥы 24 рзы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 25 - Sputnik. КЖәРР аҳәынҭсовет ахантәаҩы Ким Чен Ын иусуратә ҭаара Урыстәылеи Кориеи реизыҟазаашьақәа рырҿиара иацхраауеит.

"Агәра згоит шәара иахьа Урыстәылаҟа шәаара ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рырҿиара иацхраауеит, Москвеи Пхениани реизыҟазаашьақәа реиԥш Кореиатәи адгьылбжьаха зегьы аҿгьы аҭагылазаашьа ҭышәыннартәалоит ҳәа. Иахьа уа имҩаԥысуа апроцессқәа еиҳа ирманшәалан ҳашрыцхрааша ҳнарбоит", - ҳәа иҳәоит Путин.

Аҩадатәи Кореиа ахада Ким Чен Ын Владивосток днеиит мшаԥы 24 рзы.