ЕАА гәҭакыс ирымоуп аиадертә еилаӡара ҿыц абжьаҵара

ЕАА ахада Дональд Трамп ателеканал Fox News аинтервиу аҭо иҳәеит Урыстәылеи Китаии назлоу атәылақәа зегьы аиадертә бџьар мап ацәыркроуп ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 26 - Sputnik. Аҩны шкәакәа аусбарҭабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа рымҩаԥгара иаҿуп аиадертә еилаӡара ҿыц авариантқәа аус рыдуларазы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, ателеканал CNN адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Аҩны шкәакәа аусбарҭабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа рымҩаԥгара иаҿуп аиадертә еилаӡара ҿыц авариантқәа аус рыдуларазы. Атәыла ахада гәҭакыс имоуп Урыстәылеи Китаии ари аилаӡара радԥхьалара", - ҳәа адырра ҟанаҵоит ателеканал.

Америка ахада Иусбарҭа ахаҭарнакцәа руаӡәк иазгәеиҭеит Дональд Трамп аиадертә бџьар ахылаԥшра Урыстәылеи Китаии алахәызар иҭахуп ҳәа. Убри аан аилаӡара иаҵанакыроуп абџьархкқәеи аракетақәеи зегьы.