Арадио

Ладариаԥҳа-Кәарцхьиа Амшаԥныҳәазы: аҭаацәара еиднакылоит

Мшаԥныҳәа иадҳәалоу аҳаԥшьа ыҵаҵан измоу аԥсуаа рацәоуп. Уи иҭарҭәо аҩы, нас ашьыжь Амшаԥныҳәа аҭаацәараҿы ишаԥыло атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит Дәрыԥшь ақыҭан инхо Белла Ладариаԥҳа-Кәарцхьиа.
Sputnik
Ладариаԥҳа-Кәарцхьиа Амшаԥныҳәазы: аҭаацәара еиднакылоит

"Ҳҭаацәараҿы Амшаԥныҳәа иалкаан иазгәаҳҭон, иазгәаҳҭоит иахьагьы. Сара саныхәыҷыз исгәалшәоит ҳан ачыс ҟалҵон, ашьыжь ҳангылоз аамҭазы ачуан ала иԥхаӡа аилаџь уны иқәгылан. Убри ашьыжь иуфар амшьҭа бзиоуп ҳәа иԥхьаӡан. Аҩнаҭа сахьаанагаз акәзар, есышықәса Амшаԥазы аҳаԥшьа хдыртуеит. Иара ахатә ԥҟарақәа амоуп - иахьыҵоу ааигәа-сигәа ицқьазароуп, арахә неиуа иҟалаӡом. Ҭагалан аҩыцқьа анаҵырхлак, аҳаԥшьа дырҭәуеит. Аԥшәма еиҳабы ида уи аӡәгьы далакьысыр ҟалаӡом. Амшаԥ аҽны аҳаԥшьа аԥхьа аишәа дыргылоит, ампахьшьы цқьа ықәыршәны, ачашә, иршьуа ақыжә агәи агәаҵәеи, ацәашьы жәпаны иааҟаҵаны, аиҳабы дныҳәаны, аҳаԥшьа хиртуеит. Аныҳәа аҭаацәа зегьы еиднакылоит, ахәыҷқәа иахьыҟазаалакгьы ари амш аҽны рыҩнаҭахьы иаауеит", - еиҭалҳәоит Ладариаԥҳа-Кәарцхьиа.     

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.