Арадио

Асланӡиаԥҳа ашьақар чымазаразы: ииашаны акрыфара- зегь реиҳа ихадоуп

Аҳақьым-ендокринолог Есма Асланӡиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит ашьақар чымазаразы Аҟәеи Гагреи араионқәа рҿы ашколқәа раартра хықәкыс иамаз атәы.
Sputnik
Асланӡиаԥҳа ашьақар чымазаразы: ииашаны акрыфара- зегь реиҳа ихадоуп

"Ашьақар чымазаразы ашкол аартра хықәкыс иамоу ичмазаҩу ауаҩы аинформациа иаша изнагара ауп. Актәи аурок ари аибадырроуп, доусы иара иҭоурых еиҭеиҳәеит, аԥсихологиатә аспектқәа ҳарзааҭгылоит, ачымазаҩ имоу ауадаҩрақәа ртәы еилаҳкаауеит. Анаҩс ҳара ҳалацәажәоит ачымазаҩ еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа раан ииашан ихы мҩаԥигар шаку. Ишьақьар халама, иԥсы маҷхама, иарбан хәшәу ижәыр аку игәабзиара аиӷьҭәразы. Иҟоуп аурокқәа лымкаала ачымазаҩ икрыфара атәы ҳахьалацәажәо. Ауаҩы ишьақар бзиахарц азы зегь раԥхьа иргыланы икрыфара дацклаԥшыроуп, иакум ифозар, ишьақар ахаангьы аҭыԥахь изааиӡом. Иҟаӡам уи аҩыза ахәшә, ачымазаҩ ишыиҭаху иҭаху ифо, ишьақар аҭыԥаҿ аҿы иаанхо. Ашколқәа рыбзоурала ачымазаҩ иҭакԥхықәра шьҭаҳхуеит. Аҳақьым мацара уихәаԥшны уҽузыхәшәтәуам, ачымазаҩ ихы дацклаԥшыроуп", - ҳәа азгәалҭеит Асланӡиаԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.