Арадио

Какалиа еиҭеиҳәеит акамшьиа ахьчаразы Урыстәылеи Аԥсныи еицырзеиԥшу аԥҟарақәа

Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр Амиран Какалиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит акамшьиа ахьчаразы Урыстәылеи Аԥсныи рыспециалистцәа ирыдыркылаз аԥҟарақәа ртәы.
Sputnik
Какалиа еиҭеиҳәеит акамшьиа ахьчаразы Урыстәылеи Аԥсныи еицырзеиԥшу аԥҟарақәа

"Аԥсны иҟоу абыжьбатәи Урыстәылатәи арратә база акамшьиа акра аамҭазы амшын Еиқәаҿы имҩаԥыргар акәын ахысрақәа. Ҳара имҩаԥаагаз аиҿцәажәарақәа ирыбзоураны иалыршан урҭ раанкылара. Избанзар ахысрақәа ԥырхага анаҭон акамшьиа акраҿы, - аԥсыӡ шәон, рҭыԥ рыԥсахуан, зынӡагьы ҳамшынтә ҳәаа иахысны ианцозгьы ыҟан. Аԥсны иҟаз Ростовтәи аԥсыӡнхамҩатә усбарҭа ахаҭарнакцәеи ҳаспециалистцәеи реиҿцәажәараҿы иазгәаҭан амшын Еиқәаҿы акамшьиа аҭшьааразы иҟоу ауадаҩра атәы, уи аиқәырхаразы иҟаҵатәу. Еилҳаргеит акамшьиа иаҳа измоу аҳәынҭқаррақәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Ҭырқәтәыла, Қырҭтәла. Аԥсны амшынтә ҳәааҿы акамшьиа ҭыршьааит ҳәа аҳәара ииашам", - ҳәа азгәеиҭеит Какалиа. 

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.