Арадио

Џьопуа: ааԥкра еиҳарак иахьырацәоу Очамчыра араион аҿы ауп

Аԥсны аветеринар хада Роман Џьопуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ауааԥсыреи арахәи ԥырхага рызҭо абгақәа рышьра аус шцо атәы.
Sputnik
Џьопуа: ааԥкра еиҳарак иахьырацәоу Очамчыра араион аҿы ауп

"Ааԥкра еиҳарак иахьыҟоу Очамчыра араион ауп, уаҟа анхацәа ирыҭоу аԥхасҭагьы иаҳа ирацәоуп. Хымз ирылагаӡаны иааԥкыз арахә ҳәа ашәҟәы иҭаҳгалеит 14 хы рҟынӡа. Алабораториатә ҭҵааарақәа уи шьақәдырӷәӷәеит хәхык рҿы: ҩжәыки, ҩлаки, цгәыки рҿы. Иааԥку арахә ишазнеитәу азы иҟоуп ахатә инструкциа, иаҳҳәап ауаҩы даҟьашьхьазар, рышьреи рбылреи ииашаӡам, еилыргатәуп ааԥкра ашьа иалоу иаламу. Жәамш иҭакны иахылаԥшуеит ааигәа имнеиӡакәа. Уи аамҭа иалагӡаны умҩашьо еилургар алшоит, ичмазаҩу мамзаргьы агәы бзиоу. Иԥсызар, ахы алабораториахь иганы игәарҭоит", - ҳәа азгәеиҭеит Џьопуа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.