Арадио

Адлеиба игәалаиршәеит Аԥсуа радио аҿы раԥхьатәи ианҵамҭа шыҟаиҵоз

Мшаԥымза 30, 1932 шықәса рзы раԥхьаӡа акәны "Ицәажәоит Аҟәа!" ҳәа ажәақәа рыла аефир ахь ицәырҵит Аԥсуа радио. 50 шықәса инацны Аԥсуа радио аҟны аус зухьоу ажурналист Семион Адлеиба арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит изанааҭ иара изы ҵакыс иамоу атәы.
Sputnik
Адлеиба игәалаиршәеит Аԥсуа радио аҿы раԥхьатәи ианҵамҭа шыҟаиҵоз

"Арепортиор ашәарыцаҩ бзиа диҩызоуп, ашәарыцаҩ аԥыхьашәа аниоуа ыҟоуп, иуҳәозар, ила ажьа анакуа ыҟоуп, аха ила ажьа амкыкәа, дшашьҭоу дылҭахәаша даманы ианцогьы ыҟоуп. Ажурналистгьы убри диҩызоуп - зны иқәманшәалахоит, аҽазных - ҽакала. Арадио аҟны усҟан ҩыџьа-хҩы аус ҳуан, атехника аҽакала иҟан. Алента метрак аҟны хәыџьара–фыџьара аҷабгала еиԥаҳшьуан. Иахьа ҳтәылаҟны арадиоқәа рхыԥхьаӡара иацлеит, урҭ рҟны аус зуа аҿаԥыц зҿоу ыҟоуп", - азгәеиҭоит Семион Адлеиба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.