Харбедиа: аахәаҩ изинқәа рыхьчара хықәкыс иҳамоуп
© Sputnik
"Асертификациеи, ахархәареи, атехникатә хлаԥшреи рзы аҳәынҭқарратә еилакы аузуҩцәа агәаҭарақәа имҩаԥааго хықәкыс ирымоу Аԥсны иаԥҵоу азакәан инақәыршәаны, аахәаҩ изинқәа рыхьчара, ахәаахәҭырҭатә ҭыԥқәа рхылаԥшра ауп. Иаагозар, ииашамкәа акапанра, аԥхьаӡара, заамҭа ииасхьоу аалыҵқәа рышьақәыргылара уҳәа убас егьырҭгьы. Агәаҭарақәа рымҩаԥгаразы ҳара иалаҳкааӡом аамҭа, ӡынроума, ԥхынроума, ианакәзаалакгьы, иаарту аобиектқәа рнапхгаҩцәа азгәаҭарақәа раҳҭоит, ирҭаауа хылаԥшра арҭарц, ауаа рацәажәашьа, реиҿкаашьа иацклаԥшлартә еиԥш. Атауарқәа ракәзар, урҭ реиқәҵашьа, дара-дара реинаалашьа гәаҳҭоит", – азгәеиҭеит Харбедиа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.